01/09/2026
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Адыррақәа рымши аҵара ашықәс алагареи рыдиныҳәалеит ԥхьаҟа иафицархараны иҟоу – Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Иреиҳаӡоу амилициа школ акурсантцәеи, Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу аҵараиурҭақәа рахь аҵара идәықәҵоу акурсантцәеи.
https://mvdra.org/publications/17866/
Аусбарҭа аиҳабы ишазгәеиҭаз ала, ари амш аҿар рыԥсҭазаараҿы ахы ҿыц аанартуеит – иуадаҩу азанааҭ аҭҵаареи афицартә традициақәа рышьҭкаареи ираамҭахоит.
«Шәыԥсҭазаараҿы ԥхьаҟатәи шәлахьынҵа зыӡбаша акрызҵазкуа аетап ааигәахеит, – ҳәа азгәеиҭеит аминистр. – Шәара иалышәхит иуадаҩу, аха ҳаҭыр зқәу, атәыла азы ихымԥадатәиу амилициа аусзуҩы имҩа. Ари азанааҭ аҭҵаара аамҭеи амчи рацәаны иаҭаххоит, аха шәара ари амҩаҿы ихадоу ашьаҿа ҟашәҵахьеит».
Амилициа аинрал-маиор Роберт Кьиут ԥхьаҟа иафицархараны иҟоу рхықәкқәа рынагӡараҿы ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит, аҵара бзиеи Аԥсадгьыл гәык-ԥсыкала амаҵ азуреи. Абжьгаҩцәеи акомандирцәеи ачҳареи, аусураҿы арҿиаратә гәазыҳәареи, анасыԥи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит!