30/05/2026
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсуа театр 50 ш.инареиҳаны амаҵ азызуа Лиана (Маиа) Џьыкырԥҳа иахьа лиубилеи азгәалҭоит - 75 шықәса лхыҵуеит.
Лиана Афанаси-иԥҳа жанрлеи ҟазшьалеи еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа раарԥшра зылшо, збаҩхатәра ҳараку актрисоуп.
Иналыгӡахьоу арольқәа рхыԥхьаӡара маҷым, хаҭала 95-тәи аиубилеитә атеатртә сезон аагозар, уи иалагӡаны дцәырҵит Аԥсуа театр ҿыц иқәнаргылаз аспектакльқәа рҿы - Ахәыҟаҵаҩ "Аҳәынҭқар ҟьантаз" (Е.Шварц); Галина Дмитри-иԥҳа "Аешелон" (М.Рошьин); Полина Андреи-иԥҳа "Аҷныш" (А.Чехов); исахьаркны даԥхьеит аҩымҭа "Абжьынҵ-хышәҭ" апроект "Гогәуа иажәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
💐Аԥсуа театр аколлектив Лиана Афанаси-иԥҳа гәыкала илыдырныҳәалоит лиубилеитә рыцхә.
Есқьынгьы аԥхарра зхылҵуа, згәы аарту, зхы-зҿы лашауа ҳколлега илзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ақәҿиарақәа арҿиараҿ, ақәранҵыра ду!
Хымԥада - иҵегь хыԥхьаӡара рацәала арольқәа!